Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи ЕАР ахҵәацәа русқәа рзы иреиҳаӡоу акомиссар ихаҭарнакреи реиҿкаарала, Қарҭ ахҵәацәа рфорум мҩаԥган
Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи ЕАР ахҵәацәа русқәа рзы иреиҳаӡоу акомиссар ихаҭарнакреи реиҿкаарала, Қарҭ ахҵәацәа рфорум мҩаԥган

Қарҭтәи Сакребуло ахыбраҿ  ахҵәацәа рфорум мҩаԥган. Ауснагӡатә аиҿҟааҩцәа руоп Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи ЕАР ахҵәацәа русқәа рзы иреиҳаӡоу акомиссар (UNHCR) ихаҭарнакреи.

Афорум аадыртит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Лаша Дарсалиеи, ЕАР ахҵәацәа русқәа рзы иреиҳаӡоу акомиссар ихаҭыԥуаҩ Џьиллиан Тригсии )авидеонҵамҭа), Қырҭтәыла иҟоу UNHCR ахаҭарнаки.

Адәныҟатәи аусҳәарҭа аинформациа ала, Лаша Дарсалиа алгобалтә мчыла ахгара азҳара апроблемеи, уи аҭыԥқәҵаразы жәларбжьаратәи аиҩызара аусзуреи дрыхцәажәеит

„Дарсалиа иазгәеиҭеит ауснагӡатә аҵак ду шамоу, дахцәажәеит Қырҭтәыла аиҳабыра UNHCR-и егьырҭ жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи ирыбжьоу аусеицура иалҵшәаны, иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз аолитика алҵшәа бзиақәа шамаз – аимак аан аԥхасҭа зауз ауааԥсыра ргуманитартә ҭахрақәа  ақәҿыҭра роиуит. Дарсалиа дахцәажәеит Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ихҵәоу ауааԥсыра рҭагылазаашьа, арҭ ауаа ишрықәнаго еиԥш рыҩнқәа рахь ахынҳәра зин роурц азы Қырҭтәыла аиҳабыра жәларбжьаратәи аренаҿ амчқәа
реизыркәкәара шаҿу”, – иануп аусҳәарҭа аинформациа аҿы.