Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Қырҭтәыла аус зуа Евроеидгыла атәылақәеи егьырҭ апартниор-тәылақәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа рҽалархәрала аиҧылара мҩаҧган
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Қырҭтәыла аус зуа Евроеидгыла атәылақәеи егьырҭ апартниор-тәылақәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа рҽалархәрала аиҧылара мҩаҧган.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
«2024 шықәса ҧхынгәы 29 рзы, Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы, «2023 шықәса абҵара 8 рзы Еврокомиссиа арҭбаара аполитика иазку акоммиунике аҿы Қырҭтәылазы иҳәаақәҵаз жә-шьаҿак рынагӡара» иазкыз аӡыргара мҩаҧган.
Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла аус зуа Евроеидгыла атәылақәеи егьырҭ апартниор-тәылақәеи рыцҳаражәҳәаҩцәеи ацҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәеи», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.