Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Германтәыла ахада макьана агәрагаратә шәҟәқәа иимҭацт, ақырҭуа аган германтәылатәи аган рҟынтә аофициалтә аилыркаарақәа рмоуӡацт
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Германтәыла ахада макьана агәрагаратә шәҟәқәа иимҭацт, ақырҭуа аган германтәылатәи аган рҟынтә аофициалтә аилыркаарақәа рмоуӡацт

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла,  Алеқсандр Картозиа Германтәылаҿ Қырҭтәыла ацҳаражҳәаҩс дҟаҵан  2025 шықәса жьҭаара 1 азы,   2025 шықәса цәыббра 10 рзы Қырҭтәылеи Германтәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ашьаҭала.

Аминистрра адыррақәа рыла,  Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Германтәыла ахада макьана агәрагаратә шәҟәқәа иимҭацт, аха, агәрагаратә шәҟәқәа ркьыҧхьаақәа Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь идәықәҵан 2025 шықәса ҧхынҷкәын 17 рзы.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминситрраҿы ишырҳәаз ала, ақырҭуа аган германтәылатәи аган рҟынтә аофициалтә аилыркаарақәа рмоуӡацт.

«Ишаадыруа ала,  2025 шықәса жьҭаара 1 инаркны Германтәыла ахада агәрагаратә шәҟәқәа иоуит Ливани, Бахреини,  Еквадори, Ганеи, Канадеи, Нигериеи, Индонезиеи, Комортәи аӡыбжьахалақәа реидгылеи, Филиппини,  Конгои, Зеландиа Ҿыци, Монголиеи рыцҳаражәҳәаҩцәа рҟынтә. Ақырҭуа аган германтәылатәи аган рҟынтә аофициалтә аилыркаарақәа рмоуӡит. Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит аҿы Қырҭтәыла аиҳабыра ахаҭарнакцәа ирызку аинформациа дырҿыцуам. Ақырҭуа аган Германәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақырҭуа ҳәынҭқарра аганахьала  иаадыруа азныҟәара  рзеилкаауам», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.