Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Ацҳаражәҳәаҩцәа данырҧылоз,  Давиҭ Залкалиани ишьақәирҕәҕәеит атәыла анапхгара маӡала иҟаҵаз анҵамҭақәа ирыдҳәаланы аларҵәара зауз аинформациа аиашара аилкаара ишазҿлымҳау
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Ацҳаражәҳәаҩцәа данырҧылоз,  Давиҭ Залкалиани ишьақәирҕәҕәеит атәыла анапхгара маӡала иҟаҵаз анҵамҭақәа ирыдҳәаланы аларҵәара зауз аинформациа аиашара аилкаара ишазҿлымҳау

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы  авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани    Акралҭыҧ цқьа анунци Хосе Авеллино Бетанкури, Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражҳәаҩ Карл Ҳарцели, Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани, Қырҭтәыла иҟоу Иапониа ацҳаражәҳәаҩ Имамура Акиреи дырҧылеит.

Аиҧылара алахәылацәа маӡала иҟаҵаз анҵамҭақәа ирыдҳәаланы АИХ рҿы аларҵәара зауз аинформациа иалацәажәеит.  Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  ишьақәирҕәҕәеит атәыла анапхгара маӡала иҟаҵаз анҵамҭақәа ирыдҳәаланы аларҵәара зауз аинформациа аиашара аилкаара ишазҿлымҳау, апрокуратура, зыҧшра ҟамҵакәа, аусеилыргара иалагеит.

Адипломатцәа аусеилыргаратә уснагӡатәқәа шымҩаҧысуа азы аинформациа иазыӡырҩит. Дара ишырҳәаз ала, абри аус иазҿлымҳау жәларбжьаратәи апартниорцәа аусеилыргара апроцесс аҿы Қырҭтәыла аиуристтә цхыраара аҭара иазыхиоуп.

Аиҧылараҿы даҽазнык ишьақәырҕәҕәан Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа ишрықәныҟәо, урҭ рыбжьара, адипломатиатәи аконсултәи еизыҟазаашьақәа ирызку Венатәи аконвенциақәагьы.