Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Америка Ахаҭарнакратә палата Амилаҭтә хыхьчара авторизациа акт азакәанпроект шьақәнарҕәҕәеит, уаҟа Қырҭтәыла адгыларазы крызҵазкәа анҵамҭа ҟаҵоуп
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, Америка Ахаҭарнакратә палата ишьақәнарҕәҕәеит 2023 шықәсазы Амилаҭтә хыхьчара авторизациа акт азакәанпроект, уаҟа Қырҭтәыла адгылара иазку крызҵазкәа анҵамҭа ҟаҵоуп.
Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала, Америка Ахаҭарнакратә палата алахәылацәа ргәаанагарала, Америка ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла иацхраароуп Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, уи адемократиатә институтқәа рҿиареи, европатәи евроатлантикатәи интеграциеи иаҧырхагоу урыстәылатәи адезинформациеи апропагандеи аҿагылараҿы.
«Азакәанпроект даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Америкеи НАТОи Қырҭтәыла ишадгыло Украина иаҿагыло урыстәылатәи агрессиа амшала арегион аҿы иҟоу ашәарҭарақәа рҽацәыхьчараҿы.
Азаконопроект даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Америкатә Конгресс аҩ-палатак ҕәҕәала Қырҭтәыла ишадгыло. Ари адокумент Қырҭтәыла ашәарҭадара арҕәҕәареи европатәи евроатлантикатәи интеграциа ацхраареи амзызла атәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорра иаҳа арҕәҕәара иацхраауеит.
Азакәанпроект аҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп Қырҭтәыла Америказы аиҩызаратә тәылеи крызҵазкәа астратегиатә партниори, НАТО алаларазы аспирант тәылеи шакәу.
Иара убас, ишазгәаҭоу ала, Амшын еиқәа арегион ашәарҭадара Америказы астратегиатә ҵакы змоу зҵаароуп. Ҷыдала иазгәаҭоуп Қырҭтәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәареи аҭышәынтәалареи аҵакы ҷыда шамоу евроатлантикатә шәарҭадареи Америка амилаҭатә шәарҭадара аҳасабтәқәеи, Амшын еиқәа арегион аҿы Америка аинтересқәеи рзы», — иануп адырраҿы.