Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Габон иаанкылаз ақырҭуа амшынуаа рхы иақәиҭуп
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Габон иаанкылаз ақырҭуа амшынуаа рхы иақәиҭуп

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аладатәи Африка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭеи Амшынтә транспорт агентреи рыцхыраарала, лаҵара 21 рзы ақырҭуа амшынуаа рхақәиҭтәра алшеит, – иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.

Аминистрра адыррала, ақырҭуа амшынуаа Нигериа амедицинатә гәаҭарақәа ирхысуеит, дара хар рымамкәа иҟоуп.

„Амшынуаа аҧсадгьылахь ихынҳәуеит иааиуа амшқәа рзы.  Ақырҭуа амшынуаа Ацентртә Африкаҿ, Габон аҵакырадгьылтә аӡқәа рҿы игылаз, Маршал идгьылбжьахалақәа рбираҟ аҵаҟа иӡысуа аҕбантә имҵадырсит лаҵара 2 рзы.  Убри анеҩс,  Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Аладатәи Африка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭеи,  Амшынтә транспорт агентреи  Қырҭтәыла атәылауаа  рхақәиҭтәразы еиҧҟьарада аус руан.  Лаҵара 21 рзы ақырҭуа амшынуаа рхы иақәиҭхеит“, – иануп аминистрра аинформациаҿы.