Адмиран Роб Бауер -  Қырҭтәыла Нато аҩыза еиԥш иахьаԥыло, ҳазгәдууп
Адмиран Роб Бауер - Қырҭтәыла Нато аҩыза еиԥш иахьаԥыло, ҳазгәдууп

Нато-Қырҭтәылатәи азыҟаҵарақәа аглобалтә шәарҭадара аҿаԥхьа иҟоу ауадаҩрақәа рфонаҿ мҩаԥысит. Уажәы иҟоу аҭагылазаашьа иаҳнарбеит иарбанзаалак ашәарҭа азы ахиазаара шаҭаху, – иҳәеит Нато арратә комитет ахантәаҩы, адмирал Роб Бауер.

Бауер иажәақәа рыла, Нато-Қырҭтәылатәи азыҟаҵара аганқәа ирыбжьоу апартниорра аанарԥшуеит.

Адмирал Бауер ишааицҳаз, ибзианы иазыҟаҵоу амилаҭтә тәылахьчаратә мчқәа Қырҭтәыла атәылахьчаразы аҵак ҷыда рымоуп

„Қырҭтәылеи Натои 28 шықәса ирылагӡаны ирыбжьоу апартниорра иманшәалоуп, иӷәӷәоуп. Ҵыԥх, жьҭааразы Нато арратә комитет Қарҭ визитла аныҟащ, сара “Қарҭли ан” абаҟа збеит, уи Қырҭтәыла ан лсимвол ауп –  лара аҩызцәа рзы армаратәи лнапаҿы аҩы илкуп, аӷацәа рзы арӷьаратәи анапаҿы – аҳәа.  Қырҭтәыла Нато аҩыза еиԥш ахьаԥыло, ҳазгәдууп,” -иҳәеит адмирал.