Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Қырҭтәыла акоронавирус 10 253 афактқәа аарҧшуп, 7 508ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Ҧхынгәы 18 инаркны 24-нӡа Қырҭтәыла акоронавирус 10 253 афактқәа аарҧшын, 7 508ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, хәҩык иҧсит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарқәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.
Амилаҭтә центр адыррала, афактқәа реиҳара — 5 904 Қарҭоуп иахьаарҧшу, Аҷара — 1 317, Имереҭи — 1 001.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Қырҭтәыла аарҧшын акоронавирус 7 812 фактқәа, 4764ҩык ачымазара иалҵит, быжьҩык иҧсит.