Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысраан Ҭырқәтәыла иҭахеит 24 нызқьҩык иреиҳаны, Сириа - 3,5 нызқьҩык иреиҳаны
Адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәылеи Сириеи иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 28 нызқьҩык рҟынӡа. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысраан Ҭырқәтәыла иҭахеит 24 617ҩык, Сириа – 3 575ҩык.
Аҧсабаратә рыцҳара азонаҿ аҧшааратәи аиқәырхаратә усурақәа инагӡоит. Ҭырқәтәылеи Сириеи арбгаратә адгьылҵысра ҟалеит жәабран 6 рзы.