Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахеит 41 020-ҩык иреиҳаны, Шьамтәыла 5 800-ҩык иреианы
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахеит 41 020-ҩык иреиҳаны . Аԥсабаратә рыцҳара азонаҿ аус руеит 245198-ҩык, урҭ иреиуоуп 65 тәылантә иааз хәнызқьҩык иреиҳаны аиқәырхаҩцәа. Ҭырқәтәылахь аҳәаанырцә аҟынтә ишьҭын 200 000 ақьалақәа.
Ҭырқәтәыла адгьылҵысрақәа рышьҭахь иҵегьы 6000 адгьылаҵантәи аахақәа иҟан. Аҩтәылак рҿы адгьылҵысра амшала иҭахеит 46 000-ҩык иреиҳаны. Шьамтәыла адгьылҵысра аан иҭахеит 5 800-ҩык иреианы.