Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахеит 39 672-ҩык иреиҳаны, Шьамтәыла 5 800-ҩык иреиҳаны
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахеит 39 672-ҩык иреиҳаны, Шьамтәыла 5 800-ҩык иреиҳаны

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала иҭахеит 45 000-ҩык иреиҳаны.

Иоуадыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахеит 39 672-ҩык иреиҳаны.

Ҭырқәтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соилу иҟаиҵаз аҳәамҭала, аԥшаара-аиқәырхаратә усурақәа инагӡоит 20000-хыбрақәа рҿы. Аԥсабаратә рыцҳара азонаҿ аус руеит 264000-ҩык, урҭ иреиуоуп 65 тәылантә иааз хәнызқьҩык иреиҳаны аиқәырхаҩцәа. Аиқәырхаҩцәа 278 сааҭ ирылагӡаны еилаҳаз ахыбраҿ иҟаз 45 шықәса зхыҵуаз ахаҵа деиқәдырхеит.

Ҭырқәтәылахь аҳәаанырцә аҟынтә ишьҭын 70000 ақьалақәа, иацҵаны 55000 қьалақәа арҭ амшқәа рзы инаргоит.

Шьамтәыла адгьылҵысра аан иҭахеит 5 800-ҩык иреиҳаны. Жәабран 9 рышьҭахь Шьамтәылахь агуманитартә аидара ЕАР 178 аидаратә машьынақәа рыла инаган.