Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр COVID-19 аҽыхьчаратә вакцинациа иазку аҳасабырба цәырнагеит
2021 шықәса хәажәкыра 15 инаркны ҧхынҷкәын 31нӡа атәылаҿы акоронавирус амшала иҧсит авакцина ҟазҵахьаз 385ҩыки авакцина ҟазымҵаз 10 532ҩыки апациентцәа», — иануп Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр 2020-2021 шықәсқәа рзтәи аҳасабырбаҿы.
Иара убас, иарбоу аамҭа иалагӡаны, ахәшәтәырҭақәа ирҭан авакцинациа иахысыз 8 40ҩыки алаҵа ҟазымҵаз 130 648ҩыки ауааҧсыра. Абарҭ адыррақәа рышьаҭала аспециалистцәа иҟарҵаз аихшьаала инақәыршәаны, COVID-19 аҽыхьчаратә вакцина ауаҩы авирус аҿкаара аҟынтә дахьчоит 90,56%-ла.
Аҳасабрба ишану ала, аиммунизациа ашьҭахь иҧсит 7ҩык.