Абиуро аилатәара рхы аладырхәоит апарламент аполитикатә гәыҧқәа рлидерцәа
Абиуро аилатәара рхы аладырхәоит апарламент аполитикатә гәыҧқәа рлидерцәа

Арегламент инақәыршәаны, абиуро аилатәара рхы аладырхәоит апарламент аполитикатә гәыҧқәа рлидерцәа, — абиуро иахьатәи аилатәараҿы ари атәы ааицҳаит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

«Аполитикатә гәыҧқәа рлидерцәа рыхьӡқәа еилкаауп. Шәара абиуро аилатәара шәхы алашәырхәоит, аха, ишәгәаласыршәар сҭахуп,  аилацәажәаратә бжьы азин ашьаҭала шәалахәызаауеит, убри аҟынтә, абжьыҭираа ззымҩаҧааго азҵаарақәа рылацәажәареи абжьыҭиреи  шәалахәхәом», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.

Абиуро аилатәараҿы аполитикатә гәыҧқәа рылахәызаара азҵаара иқәыргылан апарламент абиуро уаанӡатәи аилатәараҿы.