Абҵара 25-30 рзы Қырҭтәыла иԥхаррахоит
Абҵара 25-30 рзы Қырҭтәыла иԥхаррахоит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра абҵара 25-30 рзы амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, арҭ амшқәа рзы амш бзиазаауеит, алышәәшақәа леиуам.

„Қарҭ аҳауа атемпература шьҭыҵуеит  +16…+18 градус аҟынӡа.

Аҟәара иаҧну арегионқәа рҿы  (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ) +18…+20 градус ҧхаррахоит, алышәшәақәа леиуам.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла  (Зесҭафони, Қәҭешь, Самтредиа, Жәыргьыҭ, Мартвили, Озургеҭи) аҳауа атемпература шьҭыҵуеит   +19…+21 градус аҟынӡа.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро)  аҳауа аԥхарра ҽынла +16…+18°C иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхатә регионқәа рҿы  (Ахалқалақьи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало) амш бзиахоит, шьыбжьон +11…+13 градус ҟалоит“, – иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.