Абашиӡеи Карасини иашьҭанеиуа реиҧылара ажьырныҳәа 31 рзы мҩаҧысуеит
Абашиӡеи Карасини иашьҭанеиуа реиҧылара ажьырныҳәа 31 рзы мҩаҧысуеит

Урыстәылаҟны еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рыз Қырҭтәыла Аҧыза-министр ихаҭарнак ҷыда Зураб Абашиӡеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧаҩ Григори Карасини иашьҭанеиуа реиҧылара Прага, ажьырныҳәа 31 рзы мҩаҧысуеит.

Ари атәы Карасин длаҳәеит аурыс агентра “Тасс” аинтервиу аҿы.

Абашиӡеи Карасни раҧхьатәи реиҧылара Прага 2012 шықәса ҧхынҷкәын азы мҩаҧысит.