А акатегориа иаҵанакәа атакси арныҟәцаҩцәа лаҵара 22 инаркны автобусқәа рцәаҳәаҿы аиҭаҵра азин рызҭо ақәырҷабқәа рырҭоит
Аҳҭнықалақь ахада Кахи Калаӡе ишиҳәаз ала, А акатегориа иаҵанакәа атакси арныҟәцаҩцәа лаҵара 22 инаркны автобусқәа рцәаҳәаҿы аиҭаҵра азин рызҭо ақәырҷабқәа рырҭоит.
Қарҭ аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы Калаӡе ишазгәеиҭаз ала, ақәырҷабқәа роуеит 10 шықәса еиҳамкәа изхыҵуа амашьынақәа рырныҟәцаҩцәа.
«Лаҵара 22 инаркны ақәырҷыбқәа рыҭара ҳалагоит. Ақәырҷабқәа роуеит А акатегориа иаҵанакәа, 10 шықәса еиҳамкәа изхыҵуа амашьынақәа рырныҟәцаҩцәа. Ақәырҷабқәа зауа амашьынақәа рашәара 1 инаркны автобустә цәаҳәаҿы аиҭаҵра рылшоит. Атаксиқәа рырныҟәцаҩцәа ақәырҷабқәа роур рылшоит амуниципалтә сервис-центрқәа рҿы», — иҳәеит Каха Калаӡе.