Аԥхынтәи аолимпиатә хәмаррақәа, ателехҭыс - алҵшәақәа
Аԥхынтәи аолимпиатә хәмаррақәа, ателехҭыс - алҵшәақәа

2024 шықәсатәи Парижтәи аолимпиатә хәмаррақәа ртранслиациа Актәи аканал аҿы иддырбон. Раԥхьаӡа иргыланы иазгәаҭатәуп Қырҭтәыла, ахатә ҭоурыхаҿ иреиҕьу ақәҿиара ахьамаз – ахьтәы 3 медальки, араӡнытә 3 медальки, аџьазтә медальки. Ари арбагала, амедальқәа рхыԥхьаӡара инақәыршәаны, Қырҭтәыла абжьбатәи аҭыԥ ааннакылеит.

Згәдура ду ала иазгәаҳҭоит Қырҭтәыла Актәи аканал атәыла ауааԥсыра зыҩаӡара ҳараку асигнал аплатформа зегь рҿы ахьрыднагалоз.

Ааигәа аусурахацнаркит аспорттә ҳканал, уи ахәаԥшцәа рыбжьара апопуларра ду аиуит.

Иазгәаҭатәуп Актәи аканал аонлаин-платформа 1tvplay.

Европа ачемпионат аҿы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга амаз ақәҿиареи Парижтәи аолимпиадеи рышьҭахь, нанҳәа 28 рзы иалагараны иҟоу Апаралимпиатә хәмаррақәа ҳарзыԥшуп.

«Қырҭтәыла Актәи аканал ахәаԥшцәа гәык ала рымаҵ аура нанагӡоит, ҳахәаԥшцәа еиуеиԥшым, зхаҭабзиара ҳараку амедиапродукс рыдаҳгалоит”, – Ҭинаҭин Берӡенишвили.