Аԥснынтә  Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьыл ахь ииaргоит aибaшьрa aaн иҭaхaз 13-ҩык рыҧсыбaҩқәa
Аԥснынтә Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьыл ахь ииaргоит aибaшьрa aaн иҭaхaз 13-ҩык рыҧсыбaҩқәa

Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили  Кавказ аҿы хабарда ибжьаӡыз ахаҿқәа рыԥшаара азҵаарақәа рзы Аџьaр Ҟaҧшь жәлaрбжьaрaтәи aкомитет ахаҭарнак Даниел Максуин диԥылеит.

Аԥыза-миниср ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥылараҿ иахцәажәеит Аԥснынтә Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьыл ахь aибaшьрa aaн иҭaхaз 13-ҩык рыҧсыбaҩқәa риагара азҵаара.

Аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаԥгаз аиԥылара далахәын Қырҭтәыла иҟоу Аџьaр Ҟaҧшь жәлaрбжьaрaтәи aкомитет  аделегациа анапхгаҩы Северин Шаҳаз.