Аԥснынтә Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьыл ахь ииaргоит aибaшьрa aaн иҭaхaз 13-ҩык рыҧсыбaҩқәa
Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Кавказ аҿы хабарда ибжьаӡыз ахаҿқәа рыԥшаара азҵаарақәа рзы Аџьaр Ҟaҧшь жәлaрбжьaрaтәи aкомитет ахаҭарнак Даниел Максуин диԥылеит.
Аԥыза-миниср ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥылараҿ иахцәажәеит Аԥснынтә Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьыл ахь aибaшьрa aaн иҭaхaз 13-ҩык рыҧсыбaҩқәa риагара азҵаара.
Аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаԥгаз аиԥылара далахәын Қырҭтәыла иҟоу Аџьaр Ҟaҧшь жәлaрбжьaрaтәи aкомитет аделегациа анапхгаҩы Северин Шаҳаз.