Сиҕнаҟи амуниципалитетаҿ, аҭырқәа арратә ҳаирплан ахькаҳаз аҭыҧаҿ уажәгьы аиқәырхаратәи аусеилыргаратәи усурақәа инагӡоит.
Иашьашәалоу амаҵзурақәа рхаҭарнакцәа иаха шаанӡа аҭыҧаҿ аус руан.
Сиҕнаҟи амуниципалитетаҿ, Қырҭтәыла аҳәаа иазаиагәаны, аҭырқәа арратә ҳаирплан каҳаит. Аҳаирплан Азербаиџьанынтә Ҭырқәтәылаҟа иҧыруан.
Аусеилыргара мҩаҧысуеит ауаа рыҧсра зхылҵыз, ашәарҭадара аҧҟарақәа ма аҳаирплан ахархәара аҧҟарақәа реилагаразы.
Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аҳаирплан иақәтәан 20ҩык аррратә маҵзуҩцәа.