Аҭырқәа аган ринформациа инақәыршәаны, хәажәкыра  10 рзы Анталиа аиҧылара мҩаҧысуеит, уи рхы аладырхәоит Сергеи Лаврови Дмитри Кулебеи
Аҭырқәа аган ринформациа инақәыршәаны, хәажәкыра  10 рзы Анталиа аиҧылара мҩаҧысуеит, уи рхы аладырхәоит Сергеи Лаврови Дмитри Кулебеи

Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Мевлуҭ  Чавушоҕлу иҳәамҭала, хәажәкыра 10 рзы Анталиа имҩаҧысуеит х-ганктәи асаммит, уи рхы аладырхәоит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулебеи.

«Уажәазы хықәкык ауп иҳамоу  —  аимакқәа раанкылара. Ҳара Украина 12 нызқьҩык ауааҧсыра аевакуациа рзаауит. Аҧшьаша, хәажәкыра 10 рзы х-ганктәи асаммит мҩаҧаагоит. Лавров ишааицҳаз ала, аиҧылара аҽалархәра дазыхиоуп, Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Кулебагьы аиҧылара ихы шалаирхәо ааицҳаит», — иҳәеит  Чавушоҕлу.