Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура - Абнақәеи адәқәеи рҿы адгьыл ҩеит, ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аԥсабараҿ аныҟәарақәа раан атәылауаҩратә ҭакԥхықәра аадырԥшырц
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура - Абнақәеи адәқәеи рҿы адгьыл ҩеит, ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аԥсабараҿ аныҟәарақәа раан атәылауаҩратә ҭакԥхықәра аадырԥшырц

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит абнақәеи адәқәеи рҿы амцакрақәа раԥырҟәҟәааразы аԥсабараҿ аныҟәарақәа раан атәылауаҩратә ҭакԥхықәра аадырԥшырц, – иануп Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, аарҩара иахҟьаны абнақәеи адәқәеи рҿы адгьыл ҩеит, абнақәеи адәқәеи рҿы амца ацралара ашәарҭара иазҳаит.

“Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит агәҽанызаара аадырԥшларц, абылрацәыхьчара аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц. Мап анакәха, абнатә мцакрақәа рыҟаларазы ашәарҭара шьақәгылоит. Алҩа аарԥшаар, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ацәаҳәа ҷыдахь шәас – 112”, – иануп аҳәамҭаҿы.