46-ҩык адепутатцәа Саломе Зурабишвили лахь ааԥхьара ҟарҵеит уаҵәы изаамҭаным аилатәара аалыԥхьарц
46-ҩык адепутатцәа Саломе Зурабишвили лахь ааԥхьара ҟарҵеит уаҵәы изаамҭаным аилатәара аалыԥхьарц

46-ҩык адепутатцәа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лахь ааԥхьара ҟарҵеит уаҵәы изаамҭаным аилатәара аалыԥхьарц. Адепутатцәа иахьа ари азҵаара инамаданы апрессконференциа мҩаԥыргеит.

Ааԥхьараҿ иазгәаҭоуп ЕАШ аҳәынҭдепартамент ақырҭуа аӡбаҩцәа рганахьала акоррупциа ахарадҵара азы аднакылаз асанкциақәа рызҵаара.

Аоппозициаа рдепутатцәа ишаарыцаз, изаамҭаным аилатәараҿ аӡбарҭа асистемаҿ акоррупциа  ҭызҵаауа аамҭалатәи апарламенттә комиссиа аԥҵара азҵаара иқәдыргылатәуп.

Арегламент инақәыршәаны, аамҭалатәи аусԥшааратә комиссиа аԥҵаразы аҭахуп 50-ҩык адепутатцәа рыбжьы.