44ҩык евродепутатцәа Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟарҵеит Саакашвили ихәшәтәразы иарбанызаалак европатәи атәылашҟа диаргарц
44ҩык евродепутатцәа Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟарҵеит Саакашвили ихәшәтәразы иарбанызаалак европатәи атәылашҟа диаргарц.
Ашәҟәы авторцәа ишазгәарҭаз ала, Саакашвили иҭагылазаашьа даараӡа иаргәамҵуеит, иара игәабзиара аҭагылазаашьа акритикатә стадианӡа инеиаанӡа, зыҧшра ҟамҵакәа аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵатәуп.
„Европарламент алахәылацәа раҳасабала, Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус заур зҭаху атәыла аҟынтә ҳазыҧшуп азеиҧш европатәи апринципқәа рызгәыкра аарҧшра. Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара иарбанызаалак аинтеграциа шьаҭас иамоуп ахадаратә гуманитартә принципқәа, ауаа зегьы иахәҭоу амедицинатә цхыраара аиура азин рымоуп.
Агәра ганы ҳаҟоуп шәара ари азҵаара хшыҩзышьҭра ду азуны, Саакашвили игәабзиара аиқәыршәаразы иахәҭоу ашьаҿақәа шыҟашәҵо“,- иануп 44ҩык евродепутатцәа рнапы зҵарҩыз ашәҟәы аҟны.
Евродепутатцәа аҳәамҭа аладырҵәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии рыхьӡала.