309 576 лари иаҧсоу адгьылҭыҧқәа амцҳәарала рымпыҵахалара афакт азы фҩык ахаҿқәа рзы ашьауҕаус хьацыркуп
309 576 лари иаҧсоу адгьылҭыҧқәа амцҳәарала рымпыҵахалара афакт азы фҩык ахаҿқәа рзы ашьауҕаус хьацыркуп

Гәыҧҩык ауааҧсыра,  ачинуаа рыцхыраарала,  амцҳәарала,    Мцхеҭа-Мҭианеҭи арегион аҿы, 309 576 лари иаҧсоу адгьылҭыҧқәа ргеит. Ари атәы аанацҳаит Қырҭтәыла афинансқәа рминистрра аусеилыргаратә маҵзура.

Ашьауҕатә ҭакҧхықәа рыдуп фҩык ауааҧсыра,  руаӡәы амуниципалитет аусзуҩуп.  Аусеилыргара адыррала,  2021 шықәсазы дара, закәандарала, рыхьӡала  ашәҟәы иҭаргалеит  2,2 нызқь аквадраттә метр адгьылҭыҧ.

Ачинуаҩы, даҽа 5 дгьылҭыҧк ашәҟәы аҭагаларазы  Аҳәынҭқарратә реестр алигалеит адокумент ҧаршеиқәа, аха, уажәазы азинхьчаҩцәа ацәгьаура аҧыхра рылшеит.

Закәандарала импыҵахалаз адгьылҭыҧқәа аҳәынҭқарра азырхынҳәразы иашьашәалоу апроцедурақәа мҩаҧысуеит.

Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы 6 шықәса инаркны  9 шықәсанӡаа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп.