2035 шықәса инаркны Евроеидгыла атәылақәа рҿы адгьыл иҵырхуа абылтәы ала аус зуа амашьынақәа рыҭира иқәиҭымхоит
 2035 шықәса инаркны Евроеидгыла атәылақәа рҿы адгьыл иҵырхуа абылтәы ала аус зуа амашьынақәа рыҭира иқәиҭымхоит

 

Евроеидгыла иалоу атәылақәеи Европарламенти заанаҵы ишеиқәшаҳаҭхаз ала, 2035 шықәса инаркны Евроеидгыла атәылақәа рҿы адгьыл иҵырхуа абылтәы ала аус зуа амашьынақәа рыҭира иқәиҭымтәра иазку азакәан рыдыркылоит.

Аиҿцәажәарақәа рылахәылацәа реиқәшаҳаҭрала, амашьынақәа ҭзыжьуа аилахәырақәа  2035 шықәсанӡа, аҳаирахь  CO2 ацәцара  100-ла  еиҵартәроуп, убри аҟынтә, адгьыл иҵырхуа абылтәы ала аус зуа амашьынақәа рыҭира рылшом.

Аамҭала, азинҷыда рымазаауеит шықәсыкала  10 нызқь еиҳамкәа амашьынақәа ҭжьызуа ааглыхыҩцәа, иаҳҳәап  Ferrari.

Аиқәшаҳаҭра амч аиуаанӡа, уи аофициалла ишьақәдырҕәҕәароуп Европарламенти Европатәи Ахеилаки.