2023 шықәсазы Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара имҩаҧнагоит Европатәи адырраҭаратә еидгыла Ассамблеиа
2023 шықәсазы Европатәи адырраҭаратә еидгыла (EBU) Ассамблеиа Қарҭ имҩаҧысуеит, уи мҩаҧнагоит Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара.
Ари атәы аарыцҳаит Женева имҩаҧгаз 17-тәи апресс-конференциаҿы. Европатәи адырраҭаратә еидгыла иалахәы атәылақәа анеҩстәи ассамблеиа Қырҭтәыла имҩаҧыргарц рыӡбеит.
Ауаажәларратә дырраҭара агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили ишылҳәаз ала, ауснагӡатә рхы аладырхәоит 56 европатәи атәылақәа рҟынтәи 150ҩык аделегатцәа.
News Assembly — Европатәи адырраҭаратә еидгыла есышықәсатәи форумуп, EBU иалахәы атәылақәа рхаҭарнакцәа уаҟа еизоит зҵакы дуу астратегиатә темақәа рылацәажәареи, аҧышәа аиҭныҧсахлареи, Ауаажәларратә дырраҭарақәа рҿы имҩаҧгоу аҭҵаара ҿыцқәа ирызкны аинформациа аиуреи азыҳәан.
18-тәи ассамблеиа Қарҭ имҩаҧысуеит 2023 шықәса абҵара 22-23 рзы. 2005 шықәса инаркны ари ауснагӡатә есышықәса имҩаҧыргоит.