2023-2024 аҵаратә ашықәс азы, актәи акласс ахь аҭаҩра рылшоит абҵара 1-нӡа фышықәса зхыҵыз ахәыҷқәа
2023-2024 аҵаратә ашықәс азы, актәи акласс ахь аҭаҩра рылшоит абҵара 1-нӡа фышықәса зхыҵыз ахәыҷқәа

Қырҭтәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистр Гьаргь Амилахвари иӡбара инақәыршәаны, “Азеиԥш аҵара иазкә” Қырҭтәыла азакәан аԥсахра алалеит, уи ала 2023-2024 аҵаратә ашықәс ащы, актәи акласс ахь аҭаҩра рылшоит абҵара 1-нӡа фышықәса зхыҵыз ахәыҷқәа.

Аҵара аминистрра аинформациа ала, ари аӡбара рыдыркылеит аҭаацәа рыҳәара шьаҭас аҭаны.

2023-2024 аҵаратә ашықәс азы, актәи акласс ахь аелектронтә ҭаҩра 2023 шықәса хәажәкыра 6 инаркны 2023 шықәса хәажәкыра 20-нӡа мҩаԥган. Уа аҭаҩра рылшон 2023-2024 актәи  жьҭаара 1-нӡа фышықәса зхыҵыз ахәыҷқәа мацара. Аԥсахра инақәыршәаны, актәи акласс ахь аҭаҩра рылшоит абҵара 1-нӡа фышықәса зхыҵыз ахәыҷқәагьы.