Чехиа ҩдәыӷбак реинҟьара иахҟьаны,  ԥшьҩык ҭахеит, 26-ҩык ахәрақәа роуит
Чехиа ҩдәыӷбак реинҟьара иахҟьаны, ԥшьҩык ҭахеит, 26-ҩык ахәрақәа роуит

Чехиа ҩдәыӷбак реинҟьара иахҟьаны,  ԥшьҩык ҭахеит, 26-ҩык ахәрақәа роуит. Амашәыр Пардубица ақалақь ааигәара ҟалеит, еинҟьеи апассаџьыртәи аидаратәи дәыӷбақәа.

“Иҳамоу адыррақәа рыла, ԥшьҩык ҭахеит, ахәрақәа зауз џьоукы рҭагылазаашьа цәгьоуп”,  – иҳәеит агуьернатор.

Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзуун аполициеи аиқәырхаратә маҵзуреи, апассаџьырцәа аевакуациа рзыруит.