Герт Иан  Копман  Илиа Дарчиашвили иахь  – Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара апроцессаҿ имҩаҧыжәго аусуразы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит
Герт Иан Копман Илиа Дарчиашвили иахь – Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара апроцессаҿ имҩаҧыжәго аусуразы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит

«Акыр иаҧсоу Илиа, иссиру даҽа аицәажәарак азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, иара убас ҭабуп ҳәа шәасҳәоит  Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара апроцессаҿ имҩаҧыжәго аусуразы», — иҳәеит Еврокомиссиа агәыларатә политикеи арҭбаара азҵаарақәеи рзы Адиректорат хада агенералтә директор Гер Иан Копман Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии иареи реиҧылара данахцәажәоз.

Илиа Дарчиашвилигьы Мрагыларатә партниорра аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҿцәажәара дахцәажәеит.

«Герт Иан Копмани сареи ҳаиҿцәажәара даараӡа ибзиан. Ҳара зҵакы дуу аӡбара ҳазыҧшуп. Сара Еврокомиссиа абжьагарақәа рынагӡаразы еиқәҳаршәаз аплан шынаҳагӡо изеиҭасҳәеит. Евроеидгыла алалара амҩаҿ зҵакы дуу даҽа шьаҿа дук ҳазыҧшуп», — иҩит  Дарчиашвили асоциалтә аҳақәа рҿы.