Илиа Дарчиашвили Аенергетика азҵаарақәа рзы Еврокомиссар дылԥылеит
Илиа Дарчиашвили Аенергетика азҵаарақәа рзы Еврокомиссар дылԥылеит

2023 шықәса жьҭаара 17 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Аенергетика азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Кадр Симсон дылԥылеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, аиԥылараҿ Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс иахцәажәеит, иазааҭгылеит Еврокомиссиа Қырҭтәыла акандидат статус анашьаразы иҟанаҵаз абжьагара.

«Аганқәа аенергетика ахырхарҭаҿ Қырҭтәылеи Евроеидгылеи ирыбжьоу аусеицура ахәшьара ҳарак арҭеит. Иазгәаҭан Европа аенергошәарҭадара азҵараҿ Қырҭтәыла амоу ароль.

Аиԥылараҿ аганқәа ирыхәаԥшит Қырҭтәыла иалахәу аглобалтә ҵакы змоу аенергопроектқәа, ҷыдала иазгәаҭан Амшынеиқәа аҵантәи акабель апроект аҵакы», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа аҿы.