Шанаи Брук лышьразы ахара зду ауаҩҧсы  20 шықәса аҭакра иқәырҵеит
Шанаи Брук лышьразы ахара зду ауаҩҧсы  20 шықәса аҭакра иқәырҵеит

Австралиа атәылауаҩ Шанаи Брук лышьразы ахара зду Рафаель Мурсакулов  20 шықәса аҭакра иқәырҵеит.

Аӡбара идикылеит аӡбаҩ  Звиад Шараӡе.

Зус рыӡбоз аҵыхәтәантәи ажәа иҳәан, иишьыз аҧҳәыс лашьа иҿаҧхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит.

«Сҭамзаара акгьы шаҵанамкәа здыруеит, аха, шәҿаҧхьа сгыланы, гәыкала аҭамзаара шьҭасҵоит. Убри аҽны сара схаҭа сҽысшьит. Саҭаумҵан, сҩыза, сашьа, цәгьала сыҟоуп.  Сықалақьи стәылеи рҿаҧхьа ҧхасшьоит. Саҭаумҵан, аҭамзаара шьҭасҵоит», — иҳәеит  Мурсакулов.

Австралиа атәылауаҩ  Шанаи Брук  Қарҭ дыбжьаӡит  2021 шықәса ҧхынгәы 30 рзы.  Адырҩаҽны лыҧсыбаҩ Мҭаҵминда ашьхаҿ ирбеит. Азинхьчаҩцәа  Рафаель Мурсакулов дааныркылеит цәыббра  8 рзы.