Владимир Зеленски - Зегь дара роуп Урыстәыла абри ажәылара аанкылашьас иаҭатәу азы ҳацәажәара ақәшәоит
Украина ахада Владимир Зеленски Урыстәыла ала Киев ажәылара ашьҭахь ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит.
Зеленски ишазгәеиҭаз, Урыстәыла анапхгара атәылауаҩратә обиектқәа ираахом ҳәа ирҳәо зегьы мцуп.
«Атәылауаҩратә обиектқәа ираахом ҳәа рҳәоит, аха, уи мцуп. Аруаагьы аҭынчуаагьы ирықәлоит. Иҳақәыҕәҕәар рҭахуп, ҳтәылауаа, шәара ишәықәыҕәҕәар рҭахуп. Аукраинаа афырхаҵара ду аадырҧшит. Ҳара ахырхарҭақәа рацәа рҿы аурыс ар аанаҳкылеит. Урыстәылатәи ажәылара инагӡоит. Зегь дара роуп Урыстәыла абри ажәылара аанкылашьас иаҭатәу азы ҳацәажәара ақәшәоит. Аицәажәара шаҟа ирласны иалаго, убри аҟара ацәыӡгьы маҷхоит, урыстәылатәи аган рзгьы», — иҳәеит Зеленски.
Ааҧхьара анҵәамҭаз, Зеленски Урыстәыла ала Украина ажәылара иаҿагылоу апротесттә акциақәа ирылахәыз Урыстәыла атәылауаа ҭабуп ҳәа реиҳәеит.