Амчыбжь анҵәамҭазы Қырҭтәыла «Фаизер» алаҵа аиуеит. Акоронавирус азы алаҵақәа рзыҟарҵоит амедперсонали 65 ықәса иреиҳаны зхыҵуа атәылауааи. Урҭ «Астразенека» ма «Фаизер» алаҵа алхра ирылшахоит, – ари атәы аалыцҳаит Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамар Габуниа Аиҳабыра радминистарциаҩ имҩаԥысыз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак еилатәара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы.
Аминистр лхаҭыԥуаҩ лажәақәа рыла, 65 шықәса иреиҳаны зхыҵуа атәылауаа алаҵақәа рзыҟаҵара хәажәкыра 25 инаркны иалагоит.
Ҭамар Габуниа ишылҳәаз ала, мшаԥы анҵәамҭазы Қырҭтәыла аиуеит алаҵақәа иацҵаны адозақәа.
Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡе ишылҳәаз ала, авакцинациа ахеилак аӡбара ала, авакцинациа апроцесс адрыҧхьалоит 65-и 75-и шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсырагьы.