12 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа, ачымазара лаҽқәа рымазар, авакцинациа иахысыр рылшоит
12 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа, ачымазара лаҽқәа рымазар, авакцинациа иахысыр рылшоит. Иахьа ари аӡбара рыдыркылеит Аиммунизациа азҵаарақәа рзы ахеилак аилатәараҿы
«Ахәыҷқәа ирыдҳәаланы иазгәаҳҭар ҳҭахуп, 12 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа зхыҵуа, ачымазара лаҽқәа змоу ахәыҷқәа мацара роуп авакцинациазы абжьагара ззыҟаҳҵо. Европатәи атәылақәа рҿы абри ақәра иаҵанакәа ахәыҷқәа зегьы алаҵақәа рзыҟарҵоит, аха, ҳара, макьана ачымазара лаҿқәа змоу ахәыҷқәа аҧыжәара раҳҭоит», — илҳәеит агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа.
Уаанӡа, Қырҭтәыла, авакцина Pfizer ҟарҵар рылшон 16 шықәса зхыҵхьоу ауааҧсыра зегьы.