Ԥхынҷкәын 10-нӡа ҳтәылаҿы агрипп аҽацәыхьчаразы алаҵа атәылауаа зегьы хәыԥсада ирзыҟарҵоит
Қырҭтәыла атәылауаа зегьы ԥхынҷкәын 10-нӡа агрипп аҽацәыхьчаразы алаҵа хәыԥсада рзыҟарҵоит. Ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҟынтә.
Фымза иреиҳаны зхыҵуа Қырҭтәыла атәылауаа зегьы агрипп чымазара аҽацәыхьчаразы алаҵа хәыԥсада рзыҟарҵоит, апроцесс иалахәуп 400 рҟынӡа амедицинатә усҳәарҭақәа.
Аиммунизациазы аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла SANOFI PASTEUR 4 компонентк злоу агрипп аҽыхьчаратә вакцина 200 000 адозақәа аиуит.