Ԥшьҩык америкатәи асенаторцәа Михеил Саакашвили изку аҳәамҭа ҟарҵеит
Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили арратә госпиталь ашҟа ииагареи амлашьра аҟәыҵреи ирызку адырра ҳаргәырӷьеит, – “Твиттер” аҿы илҩит америкатәи асенатор Џьин Шаҳин.
Џьин Шаҳини ԥшьҩык асенаторцәеи Џьим Риши, Бен Кардини Рон Џьонсони рнапқәа аҵарҩыз аҳәамҭа атекст алалырҵәеит. Аҳәамҭа аҿы ишану ала, асенаторцәа Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟарҵоит Михеил Саакашвили иҭагылазаашьа цәгьа аҳасаб азыҟарҵар.
“Икылкааны ҳацклаԥшуеит ԥасатәи ахада Саакашвили иҭагылазаашьеи ихәышәтәреи, ари зегьы иахҟьаны Америка асенат аҿы иҟоу Қырҭтәыла аҩызцәа агәҭынчымра рызцәырҵуит. Саакашвили, егьырҭ абаандаҩцәа реиԥш, жәларбжьаратәи астандартқәеи ақырҭуа закәанԥҵареи ирышьашәалоу азыҟазаара иқәныгоит. Ари абас ахьыҟам ҳгәы ҭынчым.
Қырҭтәыла ааԥхьара ҟаҳҵоит зхы иақәиҭу аҳақьымцәа ргәыԥ рыбжьагарақәа аҳасаб рзуны, Саакашвили иашьашәалоу амедицинатә цхыраара изаадырԥшырц. Аӡбарҭатә процесс икылкааны ҳацклаԥшуеит.
Аҭагылазаашьа есымша цәгьахоит, ииашам аҳасабқәа рыҟаҵара ашәарҭа дууп, урҭ Саакашвили аԥхасҭа ду ма атрагедиа ирхылҵыр ҟалои. Абри еиԥш атрагедиа Қырҭтәыла адемократиатә шьҭазаарақәа анегативтә нырра азнаур ҟалоит. Аганқәа зегь рахь ааԥҳьара ҟаҳҵоит ақырҭуа жәлар ринтересқәа иазыԥхьагәаҭаны ашьаҿақәа ҟарҵарц,” – иануп аҳәамҭа аҿы.