Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҿы адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 24000-ҩык рҟынӡа инаӡеит.
“Роитер” аинформациала, Ҭырқәтәыла иҭахеит 20 000-ҩык иреиҳаны, Шьамтәыла – 3 500-ҩык.
Атәылақәа рӡы аиқәырхаратә усурақәа арежим ҷыдала нагӡоит. Уахынла аусурақәа рымҩаԥгара уадаҩуп аҵаа амзызла.
ЕАР аинформациа ала, аҩтәылак рҿы агуманитартә цхыраара рыҭатәуп 870 000-ҩык.