Ҭырқәтәыла Газианҭеԥ ақалақь аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аан 16-ҩык ҭахеит, 21-ҩык ахәрақәа роуит
Ҭырқәтәыла Газианҭеԥ ақалақь аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аан 16-ҩык ҭахеит, 21-ҩык ахәрақәа роуит.
Аларҵәара зауа адыррақәа рыла, ажәабжь ҿыцқәа рагентра иатәыз амашьынеи автобуси еинҟьеит. Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп ацхыраара лас машьынақәа рацәаны, аҭыԥ ахь инеихьеит аполициа.
Иҭахаз иреиуоуп хҩык амцарцәаҩцәеи, ԥшьҩык аҳақьымцәеи, информациатә агента аусуҩки.