Ҭинатин Берӡенишвили – Аконструктивтә ажәабжь ҿыцқәа - ҳҧеиҧш ауп, уи аҧҵара иахьа ҳалагароуп
Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили рашәара 21 рзы Бонн имҩаҧысуаз Аглобалтә медиафорум Deutsche Welle адискуссиатә панель лхы алалырхәит.
Ҭинаҭин Бердзенишвили «Ажәабжь ҿыцқәа – ажәлар аргәаанагара абарометр аасҭа еиҳауп» захьӡыз амедиафорум апанель аҿы дықәгылеит. Лара аконструктивтә ажәабжь ҿыцқәа адемократиа аҿиаразы ныррас ирымоу далацәажәеит.
Global Media Forum анеҩс, рашәара 22 рзы Ҭинаҭин Берӡенишвили аконструктивтә журналистка иазкыз Аҧшьбатәи аглобалтә конференциа далахәын.
Мышқәак ҵуеит Қырҭтәыла Актәи аканал иреиҕьу европатәи аҳәынҭқаррақәа рҿы аларҵәара змоу ажәабжь ҿыцқәа рстандарт ҿыц – аконструктивтә журналистика аус адулара иаҿуижьҭеи.
Ауаажәларратә дырраҭара жәеизаҩык ажурналистцәа Даниа иҟоу Орхусстәи ауниверситет аҿы аҵаратә курс иахысит.