Ҭинаҭин Берӡенишвили Израиль ацҳаражәҳәаҩ  Хадас Меицад дылҧылеит
Ҭинаҭин Берӡенишвили Израиль ацҳаражәҳәаҩ  Хадас Меицад дылҧылеит

Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили Израиль ацҳаражәҳәаҩ  Хадас Меицад дылҧылеит.

Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили ишылҳәаз ала, аиҧылараҿы иалацәажәеит азеиҧш проектқәа рынагӡареи Қырҭтәылеи Израили Ауаажәларратә дырраҭарақәа реизааигәахара азҵаареи.

«Қырҭтәылеи Израили ирзеиҧшу рацәоуп, амедиа-лагылазаара аганахьалагьы. Ацҳаражәҳәаҩи ҳареи азеиҧш программақәа рынагӡареи арыцхәтә аҿиареи  аганахьала иҟоу алшрақәа ҳрылацәажәеит. Сара аусеицура арҭбаара сақәгәыҕуеит“, — илҳәеит  Берӡенишвили.

Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ ишазгәалҭаз ала, ари аиҧылара аинтерес ду аҵан.

«Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ ателехәаҧшреи арадиои аусушьа иазкны еилыскааз рацәоуп. Ҳтәылақәа р-Уаажәларратә дырраҭарақәа аусеицура иалагахьеит. Ҳаҧхьаҟа аусеицура шҳарҭбааша, ацҳаражәҳәарҭа азеиҧш проектқәа рынагӡара ишацхрааша  ҳалацәажәеит“, — илҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.