Ҭинаҭин Берӡенишвили  - „Қырҭтәыла аҧошьҭа“ аҟны аусеицурала иҭыжьуп Актәи аканал амарка, уи Қырҭтәыла ателедырраҭара аҭоурых ибзиаӡаны аанарҧшуеит
Ҭинаҭин Берӡенишвили  - „Қырҭтәыла аҧошьҭа“ аҟны аусеицурала иҭыжьуп Актәи аканал амарка, уи Қырҭтәыла ателедырраҭара аҭоурых ибзиаӡаны аанарҧшуеит

 

Ателедырраҭара  65 шықәсатәи аиубилеи инамаданы,  „Қырҭтәыла аҧошьҭа“ аҟны аусеицурала иҭыжьуп Актәи аканал амарка, уи Қырҭтәыла ателедырраҭара аҭоурых ибзиаӡаны аанарҧашуеит, – илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Лара лажәақәа рыла, ари амарка аколлекционерцәа рҿгьы ахатә ҭыҧ ааннакылоит.

„Ателедырраҭара алагара – ақырҭуа медиа аҭоурыхаҿ крызҵазкәа хҭысуп.  1956 шықәса ҧхынҷкәын  30 рзы, Қарҭтәи ателебааш аҟынтә раҧхьатәи ателесигнал иоужьҭын. Сынтәа ари арыцхә ишақәнагоу еиҧш иазгәаҳҭар ҳҭахын,  убри аҟынтә,  „Қырҭтәыла аҧошьҭа“ аҟны аусеицурала иҭыжьуп Актәи аканал амарка.    Уажәшьҭа Қырҭтәылантәгьы Қырҭтәылаҟагьы раҧхьатәи ателедырраҭара амаркала ашьҭымҭақәа рыҟаҵара ҟалоит.

Ари апроект кыраамҭа аус адааулон, аҵыхәтәаны иҳауз аескиз Қырҭтәыла ателедырраҭара аҭоурых ибзиаӡаны аанарҧшуеит. Ари амарка аколлекционерцәа рҿгьыы ахатә ҭыҧ ааннакылоит“, – илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Актәи аканал амарка иҭыжьуп  25 000-тәи атиражла. Уи ахархәара аиухьеит, изҭаху ауааҧсыра зегьы амарка аархәар рылшоит „Қырҭтәыла аҧошьҭа“ афилиалқәа рҿы.