Ҭинаҭин Рухаӡе, афранцыз ақалақь Лилль аҿы,  "Асериалқәа рформатаҿ аудиовизуалтә ҧҵамҭақәа реицҭрыжьра иазку" Европа Ахеилак Аконвенциа лнапы аҵалҩуеит 
Ҭинаҭин Рухаӡе, афранцыз ақалақь Лилль аҿы,  "Асериалқәа рформатаҿ аудиовизуалтә ҧҵамҭақәа реицҭрыжьра иазку" Европа Ахеилак Аконвенциа лнапы аҵалҩуеит 

Қырҭтәыла акультура аминистр Ҭинаҭин Рухаӡе, афранцыз ақалақь Лилль аҿы,  “Асериалқәа рформатаҿ аудиовизуалтә ҧҵамҭақәа реицҭрыжьра иазку” Европа Ахеилак Аконвенциа лнапы аҵалҩуеит.

Акультура аминситрра адыррақәа рыла, ақырҭуа апродиуссертә еилахәырақәа атәым инвестициақәа рыдаҧхьалареи, жәларбжьаратәи апроектқәа рҽалархәреи, европатәи аплатформақәеи ателеканалқәеи аус рыцуреи азы  алшара дуқәа роуеит.

«Ари аӡбара абзоурала, европатәи абаҩхатәратә қәыҧшыларахь Қырҭтәыла аинтеграциа апроцесс иаҳа иҭбаахоит, уи адунеи зехьынџьара ақырҭуа қультура аӡыргара иацхраауеит», — иануп Қырҭтәыла Акультура аминистрра аинформациаҿы.