Ҭинаҭин Берӡенишвили  - Гәрагарала иаҳҳәар ҳалшоит атәыла ахәыҷтәы Евровизиа амҩаҧгара ишазыхиоу
Ҭинаҭин Берӡенишвили  - Гәрагарала иаҳҳәар ҳалшоит атәыла ахәыҷтәы Евровизиа амҩаҧгара ишазыхиоу

Евровизиа аконкурс, ҷыдала ахәыҷтәы конкурс,  акомплекстә ҟазшьа амоуп, избанзар, адисциплинақәа рацәа ахьчазароуп, ҳара знык абри аҧышәа ҳаухьеит, агәра ганы ҳаҟоуп аҩынтәраан иаҳа еиҕьны ишымҩаҧааго, – илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Берӡенишвили лажәақәа рыла, Қырҭтәыла ахәыҷтәы евровизиа амҩаҧгара иазыхиоуп.

„Аконкреттә аҿҳәара ҳамазаауеит, ҳара адокументқәа ирыдҳәалоу ҳадҵа наҳагӡароуп, анеҩс, адетальқәа рылацәажәара ҳалагоит, иахьымҩаҧаагаша, ишымҩаҧаагаша уҳәа, зегьы цқьа ҳазхәыцроуп.  Аусқәа зегьы ишахәҭоу еиҧш реиҿкааразы аамҭа ҳҭаххоит.  Гәрагарала иаҳҳәар ҳалшоит атәыла ахәыҷтәы Евровизиа амҩаҧгара ишазыхиоу.  Ахәаҧшцәа зегьы, раҧхьа иргыланы ақырҭуа хәыҷқәа, ахаангьы ирхамшҭуа арбара рыдаагалоит ҳәа сгәы иаанагоит“, – илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.