Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили EBU Атехнологиақәеи аинновациақәеи рсаммит даспикероуп.
Ауснагӡатә мҩаԥысуеит есышықәсатәи атехникатә ассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи алахәыла-тәылақәа рдыраҭарақәа рлидерцәа амедиатехнологиақәеи аинновациақәеи рхырхарҭаҿ иҟоу атенденциа ҿыцқәа ирызку адыррақәа реиҭныԥсахлара иуникалу алшара рнаҭоит.
Сынтәатәи асаммит аҿы ҷыдала иазааҭгылеит амедиа еиҿкаарақәа рҿы иԥсабаратәым аинтеллект ахархәареи, астратегиатә аӡбамҭақәа рыдкылареи, наҟ-наҟтәи апланқәеи ирызку азҵаарақәа.
“Аинновациақәеи аԥсахрақәеи амеиеи атехнолоиеи иузеиҟәымҭхуа хәҭақәоуп, иԥсабаратәым аинтеллект ахархәара иадҳәалоу ааԥхьарақәа ирыхәамԥщыкәа, ари апроцесс иузмырхынҳәуа хҭысуп”,- илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили.