Ҭинаҭин Берӡенишвили "Доиче велле" амедиафоруми аконструктивтә журналистика азҵаарақәа рзы аглобалтә конференциеи рахь ддәықәлоит
Ҭинаҭин Берӡенишвили "Доиче велле" амедиафоруми аконструктивтә журналистика азҵаарақәа рзы аглобалтә конференциеи рахь ддәықәлоит

Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили рашәара 20-21 рзы Германтәыла, Бонн ақалақь аҿы “Доиче велле” Global Media Forum адискусиатә панель аҿы дықәгылоит.

Global Media Forum ашьҭахь, рашәара 22 рзы, Бонн имҩаԥысуа аконструктивтә журналистика азҵаарақәа рзы аԥшьбатәи аглобалтә конференциа апанель Listen Louder аҿы дықәгылоит.

Апанель аҿы иазааҭгылоит аполиаризиациеи, апандемиеи, адемократиеи, амедиеи,аполитикеи рганахьала агәрагара армаҷраан ажәабжь ҿыцқәа раарԥшра аспецифика иазку азҵаарақәа.