Ҭеа Ҵулукиани - Саакашвили Украинаҟа иекстрадициа алацәажәара - аиуристтә нонсенсуп
«Дарбанзаалак абандаҩы ишахәҭам ала ихы мҩаҧигозар, астатиақәа изацлоит, ари атемазы аспекулиациа иахәҭам. Аҧыза-министр ацәажәара азин имоуп, уи шәашьцылароуп», — илҳәеит Қырҭтәыла акультура аминистр Ҭеа Ҵулукиани.
Ажурналист Ҭеа Ҵулукиани длазҵааит аиҳабыра рнапхгаҩы Иракли Ҕарибашвили уажәааны иҟаиҵаз аҳәамҭа иахылҳәаауеит ҳәа. Ишыжәдыруа ала, Иракли Ҕарибашвили аргама ааицҳаит Саакашвили ишакәым ала ихы мҩаҧигар, астатиақәа изацырҵоит ҳәа.
Саакашвили Украинаҟа иекстрадициа иадҳәаланы Ҵулукиани ишылҳәаз ала, ари азҵаара алацәажәара – «аиуристтә нонсенсуп».
«Аиуристтә терминқәа шәцәеиламгааит. Украинаҟа аекстрадициа алацәажәарагьы иахәҭам, уаҟа ҳара иаҳзымдыруа ак рзымдыруазар. Украинаҟа аекстрадициа ҟалоит аҭагылазаашьа заҵәык аан, ауаҩҧсы ари атәылаҿы ашьауҕатә ашьҭацалараҿы дыҟазар. Сара исыздырӡом, Саакашвили Украина ашьауҕатә ҭаҧхықәра иқәзар сыздырӡом, убри аҟынтә, Украинаҟа иекстрадициа алацәажәара — аиуристтә нонсенсуп. Убри аҟынтә, ақырҭуа аӡбара ала иқәырҵаз азыӡба ақырҭуа абахҭаҿы ихигоит. Аекстрадициа алацәажәарагьы иахәҭам. Насгьы, аполитикатә ганахьала уамашәа дызбоит, иара аидеиалқәа ихы рықәҵара дазыхиоуп, убри аҟынтә, Киевҟа ахынҳәра иҭахымзароуп. Иара абра, дҳавагыланы, аиааира дазықәҧароуп», — илҳәеит Ҭеа Ҵулукиани.