Ҭеа Ахвледиани женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа реицхартәаҩцәа дырԥылеит
Ҭеа Ахвледиани женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа реицхартәаҩцәа дырԥылеит

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр Ҭеа Ахвледиани женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа реицхартәаҩцәа  – Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы аиҿкаара ахантәаҩы Аахыҵ Кавказ аҿы ихаҭарнак ҷыда Виорел Млшануи ЕАР ахаҭарнак Џьиҳан Сулҭаноӷлуи дырԥылеит.

Ари атәы аарыцҳаит Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр лаппарат аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, аиԥылараҿ аганқәа Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнагаз арратә агрессиеи аибашьра алҵшәақәеи, арегионтә шәарҭадареи, Қырҭтәыла аԥхьа иҟоу ааԥхьарақәеи.

„Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы аиҿкаареи ЕАР-и рхаҭарнакцәа рҟны аиԥылараан ахшыҩзышьҭра аҭан Қырҭтәыла аҭыԥ змоу ампыҵахалара алҵшәақәеи, аимак амзызла аԥхасҭа зауз ауаа ргуманитартәи рзинтәи аҭагылазаашьеи.  Иара убас зҵаара хаданы иқәгылан изакәаным абаандаҩраҿ иҟо Қырҭтәыла атәылауаа – Иракли Бебуеи, Мамука Чхикваӡеи, Кахабер Наҭаӡеи, Валери Каниашвилии, Заза Мегрелишвилии Ҭамаз Гогичаишвилии зыԥшра ҟамҵакуа рхақәиҭтәра азҵаареи.

Аганқәа иаҵшьны иазгәарҭеит Женеватәи аиҿцәажәара амш аусхәаԥштә ала иазыԥхьагәаҭоу атемақәа,” – иануп аусҳәарҭа аланарҵәаз аинформациа аҿы.