Ҭамар Чугошвили - Азинтә ганахьала апарламент ахаҭарнакцәа амҩаҿахҵәа иҭагылоуп, ирҳәо зегьы ҵакык аҵам
Азинтә ганахьала апарламент ахаҭарнакцәа амҩаҿахҵәа иҭагылоуп, ирҳәо зегьы ҵакык аҵам, ихауҵаратәы иҟам, – илҳәеит атәыла ахада лхаҭарнак Ҭамар Чугошвили Аконституциатә аӡбарҭаҿы ажурналистцәа данрацәажәоз.
Ҭамар Чугошвили ишылҳәаз ала, ари аус аҿы ашаҳаҭгақәа иҟам.
„Агәра ганы сыҟоуп аӡбарҭа дара иқәдыргыло ахарадҵара ишақәшаҳаҭымхо, иаҳҳәап, ҳтәыла ахада даҽа тәылак ахада ҭелла данылзасуа атрубка шьҭылхыр ҟалом ҳәа. Азинтә ганахьала апарламент алахәылацәа амҩаҿахҵәа иҭагылоуп, ирҳәо зегьы ҵакык аҵам, ихауҵаратәы иҟам. Ари аус аҿы ашаҳаҭгақәа иҟам. Дара рпозициа ашаҳаҭгақәа рыла ишьақәырҕәҕәам. Рхы шымҩаҧырго аабап. Оханашвили ҳара ари апроцесс ҳацәцар ҳҭахушәа иҳәеит, сара ак ибжьазгар сҭахуп, ҳәатәык имазар, апроцессаҿ иҳәааит. Хымш рыҩныҵҟа аӡбаратә процессаҿ дтәоуп, аха, ҿиҭуам, хҩык адепутатцәа тәоуп, аха, акгьы рҳәом. Ҳәатәык рымазар, апроцессаҿ иҳарҳәааит“, – илҳәеит Чугошвили.