Иахьа апарламентаҿ атәыла ахада лимпичмент азҵаара иахәаҧшуеит
Иахьа апарламентаҿ атәыла ахада лимпичмент азҵаара иахәаҧшуеит

Иахьа апарламентаҿ, асааҭ  12:00 рзы атәыла ахада лимпичмент азҵаара иахәаҧшуеит.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ишиҳәаз ала, иара атәыла ахада ладминистрациа ахаҭарнакцәа драцәажәан, ишеилкаахаз ала, Саломе Зурабишвили аилатәарашҟа днеиуеит.

„Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили аимпичмент апҟарала ламхра иазку азҵаара ахәаҧшреи абжьыҭиреи аҿҳәара аҳәаақәҵара иазку“  Қырҭтәыла   апарламент ашьақәыргылара апроект иадгылеит 88ҩык адепутатцәа, апарламент ааҩык алахәылацәа иақәшаҳаҭымхеит.

Аконституциатә аӡбарҭа атәыла ахада Аконституциа шеилалгаз анышьақәнаргыла ашьҭахь, атәыла ахада лимпичмент иадҳәалоу азинтә хәҭа хыркәшоуп. Убри анеҩс,  ари апроцесс азакәанҧҵаратә органахь ииасит. Атәыла ахада лзы аимпичмент  амҩаҧгаразы апарламент 100ҩык алахәылацәа рбыжьқәа аҭахуп.